Аԥсны

Акоронавирус злаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы

Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 596-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 52780-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 683-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 азы атестқәа арҭеит 70-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 73 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 7-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ҩыџьа, ибжьаратәуп 10-ҩык. Очамчыра дырхәшәтәуеит аӡәы, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿгьы - аӡәгьы.
Гагратәии Аҟәатәии ахәшәтәырҭақәа рҿы аӡәгьы шьҭаӡам.