АҞӘА, хәажәкымшаԥы 18- Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәанчахәы аҭаразы мшаԥымза 2022 шықәсазтәи аихшанҵа шьақәнаргылеит.
1940 шықәсанӡа ииз ҳтәылауаа атәанчахәы роуеит мшаԥы 18-19 рзы.
1941 - 1947 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит мшаԥы 20-21 рзы.
1947 - 1950 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит мшаԥы 22, 26 рзы.
1951 - 1953 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит мшаԥы 27, 28 рзы.
1954 - 1956 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит мшаԥы 29, лаҵара 3 рзы, иара убас 1957 шықәсеи анаҩси рзы ииз атәанчахәы рыҭахоит лаҵара 4 инаркны.
Нанҳәа 2020 шықәса раахыс Аԥсны атәылауаа атәанчахәы рԥаратә хсаалақәа рахь акәымкәа абанкқәа ркассақәа рҟынтәи ауп атәанчахәы шрырҭо.