Аԥсны

Аԥсны аиҳабыраҟны аинвестпрограмма апроект ҿыц иалацәажәеит

2021 шықәсазы урыстәылатәи афинанстә цхыраара хә-миллиард мааҭк иартәон, дара аинфраструктуратә хыбрақәа реиҭашьақәыргылара иазырхан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. 2023-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа ҿыц иалацәажәеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Акапиталтә ргылара аиҳабы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аиҳабыра апресс-маҵзура.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа афинанстә программа алимит 4 миллиардки 50 млн мааҭи шьақәнаргылеит.

Озган лажәақәа рыла, апрограмма аҳәаақәа ирҭыгӡаны мҽхакы ҭбаала идыргыло ахыбрақәа иреиуоуп ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭеи, Гәдоуҭа аканализациатә рыцқьагақәеи, Гагра аӡцрыҵқәа ррыцқьага аргылара актәи аетап, иара убас астанциа маҷқәа реиҭашьақәыргылара.
Уи адагьы, афинансқәа рзырхахоит амҩа ду Ԥсоу-Аҟәа аҟны иуашәшәыроу амҩахәҭақәа рремонти рырлашареи.
Аԥсны
Аинвестпрограмма ҿыц аԥаразоужьра зызнауа ахырхарҭақәа алкаауп
Аԥсны аԥыза-министр адҵа ҟаиҵеит Аԥсны иаиуа афинанстә цхыраара лҵшәа бзиала ахархәара арҭарц, хықәкыла ареспубликатә инфраструктура аиҭашьақәыргыларахь иазырхазарц.
Уажәаԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аԥсны даныҟаз ииҳәахьан, Урыстәыла аус хадақәа иреиуоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рылшарамчқәа реизырҳара иаиуа ацхыраареи авагылареи ирыбзоураны.