Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинвестпрограмма ҿыц аԥаразоужьра зызнауа ахырхарҭақәа алкаауп

© Sputnik / Алексей МальгавкоПродавец на рынке пересчитывает деньги
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра алахәылацәа ахада изеиҭарҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациеи дареи рконсультациақәеи рыӡбрақәеи ртәы.
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Аԥсны анапхгара иалнакааит 2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аинвистициатә программа ҿыц иаларгало ахырхарҭақәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ныҟәарақәа раан ирыдыркылахьаз аӡбамҭақәа инарықәыршәаны, 2023-2025 шықәсқәа рза Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы аинвестициатә программа ҿыц иалаҵоуп:
абиуџьет усхк аҟны аус зуа руалафахәы ашьҭыхра иазку аусмҩаԥгатәқәа;
Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәеи аинвестициатә усура ацхыраара аҭареи;
анаплак маҷ акредиттә система адгылара аҭара, ақыҭанхамҩеи ааглыхреи ирызку апроектқәа адгылара рыҭара;
ашәахтәқәа хылаԥшра рыҭара асистема аҧҵара;
акадастртә хәшьара ахархәарала ашәахтәқәа хылаԥшра рыҭара асистема аԥҵара.
Аилатәараҟны Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аинвестпрограмма ҿыц шышьақәыргылоу Урыстәылатәи Афедерациа аекономика аҿиара аминистрра алархәны уаанӡа иазырхиаз азнеишьақәа ҳасаб рзуны.
Атәыла ахада азхьаԥшра аиҭеит Аинвестпрограммала аргыларақәа рԥаразоужьра алимитқәа ианраамҭоу ахархәара шрыҭалатәу.
Иара убасгьы аихшьаалақәа аҭан Урыстәылатәи Афедерациа аекономика аҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟаз аделегациа Аԥсны рыҟазаара.
Дмитрий Вольвач  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Аԥсны
Вольвач: Урыстәыла аус хадақәа иреиуоуп-Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рылшарамчқәа реиҵыхра
Ажәабжьқәа зегьы
0