АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база азенит-ракетатә комплексқәа (ЗРК) "аӷа" иавиациатәии имшынтәии мчрақәа рракетатә жәыларақәа аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Арратә база аилазаара аимадаратәии анапхгараҭаратәии системақәа русура еиҿкааны, атехника аусура аибашьратә ҭагылазаашьахь ииаргеит.
Азенитчикцәа ирыԥшааит, имҩаныргеит, иагьҭадырхеит "аӷа" ицәҟьарақәа аелектрон ракетатә ҭырҟьарақәа рыла. Зынӡа 70 жәылара аԥырҟәҟәаан.
"Аӷа" идиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа рҽазыршәеит аракетатә комплексқәа рҭырҟьарҭатә позициақәа рыжәлара, аха аҷаԥшьаҩцәа дара ҭадырхеит.
Ауснагӡатә аан ахархәара рыҭан: ЗРК "С-300", "Оса-АКМ", "Стрела-10".