Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит

© Foto / пресс-служба Южного военного округаМотострелки ЮВО отработали комплекс оборонительных действий в горах Абхазии на учении
Мотострелки ЮВО отработали комплекс оборонительных действий в горах Абхазии на учении  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аӡынаамҭатәи аҵарақәа рымҩаԥысшьа агәаҭараз ауснагӡатә рҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа уахынлатәи аамҭазы Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.

Амотохысцәеи аминеи агранати рыршәыҩцәеи хыԥхьаӡарала иреиҳаз "аӷа" дыԥхьарцеит.

Аррамаҵзурауаа рхы иадырхәеит аколлиматортә кылԥшырҭа змоу АК-74М, ирҿыцу акылԥшырҭа змоу АК-74МН3, уахынлатәи акылԥшырҭа змоу НСПУ-3.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 30 ак арратә техника, акәылӡымашьынақәа КамАЗ "Мустанг", акомандаҟаҵара-штабтә машьынақәа "Кушетка" назлоу.
Агәаҭарақәа мҩаԥган аӡынаамҭатәи аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьеи арҟәшақәа реинырреи ргәаҭараз.
Совместные учения России и Белоруссии Союзная решимость-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Аԥсны
Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа аԥснытәи ашьхақәа рҿы аекстремалтә техникарныҟәашьа ддырҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0