"Аԥсны аҭоурых ажәытәӡатәи аҭыԥқәа даара ирацәаӡоуп. Ақьырсиан баҟақәа иахьа еиқәханы ублала иубаша 200 тыԥ ыҟоуп. Абаагәарақәа 20-30 ыҟоуп.
Апсны ақьырсиан дынхаҵаратә уахәамақәа рахьынтә ижәытәӡатәуи ҳәа ишьоу, пату зқәыз, аха ҳажәлар ҟрынӡа уаҩҵас инымхаз Пицундатәи, Лӡаатәи аныхаԥшьақәа роуп. Ақьырсиан динхаҵара анрыдыркылаз аурымқәа рҳәынҭқарраҿы Аԥсны иааӡеит убри амчра. Ажәлар рҿы инханы аҳаҭыр ду змоу, ауа азыгәра рго Дыдрыԥшь, Лыхны ныха, Лашькьындар", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сақаниа.
Аҟазараҭҵааҩ еиҭеиҳәеит ақьырсиан динхаҵара иаҵанакуа аныха ҭыԥқәа рҿы амырҭаҭрақәа рымҩаԥгара ахьынтәиаауа, аиҭакрақәа иаларгалаз атәы.
Сурам Сақаниа иҳәеит аԥсуа қьырсиантә уахәама ажәытәӡатәи ашьапы аԥшьбатәи ашәышықәса ишадҳәалоу. Усҟан Пицундантәи ахьӡ дуӡӡа змаз днаԥхьан раԥхьатәи ақьырсианцәа реизарахь. Аҭоурых аҿы иарбоуп еиҳагьы иҵаулоу афакт, Аԥсны ақьырсиан динхаҵара шыҟаз атәы зыршаҳаҭуа, 303 шықәса рзы Кавказ инхоз ажәларқәа рхаҭарнак аӡӡаахра атәы зҳәо ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.