https://sputnik-abkhazia.info/20220418/saania-asny-iou-izhytatiu-ayrsian-dinkhaarat-baaa-rourykh-iazkny---1038699478.html
Сақаниа Аԥсны иҟоу ижәытәӡатәиу ақьырсиан динхаҵаратә баҟақәа рҭоурых иазкны
Сақаниа Аԥсны иҟоу ижәытәӡатәиу ақьырсиан динхаҵаратә баҟақәа рҭоурых иазкны
Sputnik Аҧсны
Адунеи аҿы иазгәарҭоит абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш. Аҟазараҭҵааҩ, археолог Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақьырсиан... 18.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-18T15:00+0300
2022-04-18T15:00+0300
2022-04-18T15:00+0300
арадио
аподкаст
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/12/1038699452_0:129:2000:1254_1920x0_80_0_0_47a99ca1aaeb077f77727255ca3bf517.jpg
Сақаниа Аԥсны иҟоу ижәытәӡатәиу ақьерсиан динхаҵаратә баҟақәа рҭоурых иазкны
Sputnik Аҧсны
Сақаниа Аԥсны иҟоу ижәытәӡатәиу ақьерсиан динхаҵаратә баҟақәа рҭоурых иазкны
"Аԥсны аҭоурых ажәытәӡатәи аҭыԥқәа даара ирацәаӡоуп. Ақьырсиан баҟақәа иахьа еиқәханы ублала иубаша 200 тыԥ ыҟоуп. Абаагәарақәа 20-30 ыҟоуп.Апсны ақьырсиан дынхаҵаратә уахәамақәа рахьынтә ижәытәӡатәуи ҳәа ишьоу, пату зқәыз, аха ҳажәлар ҟрынӡа уаҩҵас инымхаз Пицундатәи, Лӡаатәи аныхаԥшьақәа роуп. Ақьырсиан динхаҵара анрыдыркылаз аурымқәа рҳәынҭқарраҿы Аԥсны иааӡеит убри амчра. Ажәлар рҿы инханы аҳаҭыр ду змоу, ауа азыгәра рго Дыдрыԥшь, Лыхны ныха, Лашькьындар", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сақаниа.Аҟазараҭҵааҩ еиҭеиҳәеит ақьырсиан динхаҵара иаҵанакуа аныха ҭыԥқәа рҿы амырҭаҭрақәа рымҩаԥгара ахьынтәиаауа, аиҭакрақәа иаларгалаз атәы.Сурам Сақаниа иҳәеит аԥсуа қьырсиантә уахәама ажәытәӡатәи ашьапы аԥшьбатәи ашәышықәса ишадҳәалоу. Усҟан Пицундантәи ахьӡ дуӡӡа змаз днаԥхьан раԥхьатәи ақьырсианцәа реизарахь. Аҭоурых аҿы иарбоуп еиҳагьы иҵаулоу афакт, Аԥсны ақьырсиан динхаҵара шыҟаз атәы зыршаҳаҭуа, 303 шықәса рзы Кавказ инхоз ажәларқәа рхаҭарнак аӡӡаахра атәы зҳәо ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/12/1038699452_8:0:1788:1335_1920x0_80_0_0_058e69cea6f8a2e853e365c8aa5d740a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аподкаст, аԥсны, аудио
Сақаниа Аԥсны иҟоу ижәытәӡатәиу ақьырсиан динхаҵаратә баҟақәа рҭоурых иазкны
Адунеи аҿы иазгәарҭоит абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш. Аҟазараҭҵааҩ, археолог Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақьырсиан динхаҵара иадҳәалоу Аԥснытәи аҭоурыхтә баҟақәа ртәы.
"Аԥсны аҭоурых ажәытәӡатәи аҭыԥқәа даара ирацәаӡоуп. Ақьырсиан баҟақәа иахьа еиқәханы ублала иубаша 200 тыԥ ыҟоуп. Абаагәарақәа 20-30 ыҟоуп.
Апсны ақьырсиан дынхаҵаратә уахәамақәа рахьынтә ижәытәӡатәуи ҳәа ишьоу, пату зқәыз, аха ҳажәлар ҟрынӡа уаҩҵас инымхаз Пицундатәи, Лӡаатәи аныхаԥшьақәа роуп. Ақьырсиан динхаҵара анрыдыркылаз аурымқәа рҳәынҭқарраҿы Аԥсны иааӡеит убри амчра. Ажәлар рҿы инханы аҳаҭыр ду змоу, ауа азыгәра рго Дыдрыԥшь, Лыхны ныха, Лашькьындар", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сақаниа.
Аҟазараҭҵааҩ еиҭеиҳәеит ақьырсиан динхаҵара иаҵанакуа аныха ҭыԥқәа рҿы амырҭаҭрақәа рымҩаԥгара ахьынтәиаауа, аиҭакрақәа иаларгалаз атәы.
Сурам Сақаниа иҳәеит аԥсуа қьырсиантә уахәама ажәытәӡатәи ашьапы аԥшьбатәи ашәышықәса ишадҳәалоу. Усҟан Пицундантәи ахьӡ дуӡӡа змаз днаԥхьан раԥхьатәи ақьырсианцәа реизарахь. Аҭоурых аҿы иарбоуп еиҳагьы иҵаулоу афакт, Аԥсны ақьырсиан динхаҵара шыҟаз атәы зыршаҳаҭуа, 303 шықәса рзы Кавказ инхоз ажәларқәа рхаҭарнак аӡӡаахра атәы зҳәо ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.