Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иакьыԥхьит иҭахаз украинатәи аруаа раԥхьатәи рсиа

Арратә усбарҭа адыррала, иҭахаз рхыԥхьаӡара 23 367-ҩык ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иакьыԥхьит арратә операциа цоижьҭеи иҭахаз украинатәи аруаа раԥхьатәи рсиа.
Аусбарҭа иакьыԥхьит анеонацисттә полк "Азов" зҵазкуа архәҭа 3057 аилазаараҟынтә иҭахаз рсиа.
Украин бызшәала ишьақәыргылоу асиақәа рҿы иарбоуп иҭахаз ижәла, ихьӡ иабхьӡы, ичын, имаҵура, даниз арыцхә, иҭахашьа, иԥсыбаҩ ахьыҟоу.
Асиаҿ иарбоуп 386 жәла: иҭахаз 124-ҩык, ихәу 262-ҩык.
Арратә усбарҭа адыррала, иҭахаз рхыԥхьаӡара зынӡа 23 367-ҩык ыҟоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Украина Амшаԥныҳәа ауха апровокациақәа агәҭакуп