Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Украина Амшаԥныҳәа ауха апровокациақәа агәҭакуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродолжается освобождение Мариуполя
Продолжается освобождение Мариуполя - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла изныкымкәа адунеитә еилазаара азхьанарԥшхьеит украинатәи аруаа рхымҩаԥгашьа, урҭ арратә цәгьоурақәа урыстәылатәи аруаа ишырхарарҵо.
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иузаҿаԥымҽуа адыррақәа амоуп Украина Мшаԥныҳәазы, мшаԥы 23-24 ауха апровокациақәа агәҭакуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара анапхаграҭара Амилаҭтә центр аиҳабы, аинрал-полковник Михаил Мизинцев иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Анационалисттә баталионқәа реилазаараҟынтә ишьақәыргылоуп 70 рҟынӡа агәыԥқәа, урҭ автофургонқәеи автомашьынақәеи ирықәтәаны аминаршәгақәа рыла Мшаԥныҳәа ауха аиашахаҵаратә қьырсиантә уахәамақәа иреихсырц, нас уи урыстәылатәи аруаа ирхарарҵарц ргәы иҭоуп", - иҳәеит аинрал-полковник.

Мизинцев иазгәеиҭеит Украина аплан ала ауахәамақәа ириеихсарын иҟоуп Запорожие, Николаевск, Одесса, Сума, Харьков аобластқәа рҿы. Абри аус аҿы Киев иацхраауеит мраҭашәаратәи атәылақәакгьы. Иадрыԥхьалоит мраҭашәаратәи ажурналистцәеи арепортиорцәеи.
Мизинцев иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ишамоу Украинатәи арежим ацәгьоурақәа рзы иузаҿаԥымҽуа адыррақәа, ЕАР, ОБСЕ, Аџьар Ҟаԥшь аилак уҳәа егьырҭ аиҿкаарақәа ааԥхьара рнаҭоит Киев анырра арҭарц.
Украина арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы. Абир аамҭала аофициалтә украинатә мчрақәа изныкымкәа аганқәа еичдырчахьеит, адунеитә уаажәларра урыстәылатәи ар рымҽыӷра адырбарц азы.
Ситуация в Донецкой народной республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҳаир-десант мчқәа рыҟәшақәа амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа Киев акалҭ иалырцеит
Ажәабжьқәа зегьы
0