АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Лаҵара 31 рҟынӡа арҵәырақәа ҭзыжьуа урыстәылатәи ааглыхыҩцәа рекспорттә квотақәа ирыцҵоуп, аха арахь иаҵанакуам Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Донецки Лугански Рреспубликақәа ҳәа аанацҳауеит аиҳабыра рсаит.
Иахьазы аус зуа аекспорттә квотақәа ааглыхыҩцәа рзы аамҭала 700 000 тонна рҟынӡа иҩагоуп.
Азоттә рҵәыра атәыла алгара аквота 231 000 тонна иацҵоуп – 5,7 миллион тонна ҟалоит. Еилаԥсоу арҵәырақәа рекспорттә квота 466 000 тонна иацҵоуп – 5,6 миллион тонна ҟалоит.
Арҭ ауснагӡатәқәа аҭахуп арҵәырақәа рааглыхыҩцәа ацхыраара рыҭаразы, аҩнуҵҟатә џьармыкьаҿ рацәак аҭахымхареи асанкциақәеи ирыхҟьаны рыуадаҩрақәа рхыхразы.
Убри аан ааглыхратә еилахәырақәа асанкциақәа ирыдымгылаз атәылақәа аҭаххара аадырԥшуеит ҳәа иԥшуп.