Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ААР: Урыстәыла ЕАР аҿы Украинатәи ахҭысқәа реилыргара ишаламго

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа римнистрраҟны арҭ ахҭысқәа ԥсыцқьарыла иҭырҵаап ҳәа агәра ргом.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19- Sputnik. Урыстәыла гәҭакысгьы иамам Бучатәи ахҭыс назлоу егьырҭ Украинатәи ахҭысқәагьы ЕАР аҿы реилыргара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа римнистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рдепартамент адиректор Пиотр Ильичев иажәақәа шьаҭас иго.
Ильичев арҭ ахҭысқәа ԥсыцқьарыла иҭырҵаап ҳәа агәрагара имам. Иара иҳәеит ЕАР аҿы макьана ари азҵаара шықәгылам.

"Уаанӡа аҭыԥ змаз ахҭысқәа рԥышәа иаҳдырбеит ари аиҿкаараҿы аиашара ишадымгыло", - иҳәеит Ильичев.

Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәахьан Бучатәи ахҭысқәа инарыдҳәаланы киевтәи арежим иакьыԥхьыз афотосахьақәеи авидеоматериалқәеи "провокациоуп" ҳәа. Арратә усбарҭаҿы ишазгәарҭаз ала урыстәылатәи аруаа рҟынтәи дарбанзаалак аҭынч уааԥсыра ирыҵаркуа ааха имоуит.
Аминистрраҿы иазгәарҭеит урыстәылатәи аруаа Буча ишалҵыз хәажәкыра 30 азы. Убасҟан ақалақь аҩадатәи ахырхарҭа ҭацәын алҵразы, ақалақь аладатәи акалҭқәа украинатәи аруаа алахысуан артиллериеи, атанкқәеи, ареактивтә системақәеи рыла.
Лавров Урыстәыла мҽхакыҭбаала агибридтә еибашьра азцәырыргеит иҳәеит