Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аракетақәа "Точка-У" рыхәҭақәа ахьыҵәахыз украинатәи аҵәахырҭақәа ҩба ықәыргеит

Урыстәыла аҳауаҿагыларатә хьчара ахархәагақәа Украина иҭадырхеит "Точка-У" аракетақәа ҩбеи еаҳаирплан МиГ-29.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Урыстәыла АКМ аракетақәа "Точка-У" рыхәҭақәа ахьыҵәахыз украинатәи аҵәахырҭақәа ҩба идырхәашеит ҳәа ааицҳауеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Урыстәыла аоператив-тактикатәии арратәии авиациа Украина арратә ргыларақәа 60 ааха рырҭеит. Аиланхарҭақәа Червонаиа Полиана, Балаклеиа иахьрыҵаркуа аракетақәа "Точка-У" рыхәҭақәа ахьыҵәахыз украинатәи аҵәахырҭақәа ҩба дырхәашеит", - иҳәеит Конашенков абрифинг аҿы.

Иара убасгьы ааха рыҭоуп украинатәи ар ркомандаҟаҵаартә ҭыԥқәа хԥа, ари арратә техникеи ргыларҭа ҭыԥқәа 53 ҳәа иҳәеит аинрал.