Аԥсны

Арҭҟәацга аҵоуп ҳәа ззырҳәаз Гәдоуҭа ақалақь агәҭа игылоу ахыбра агәаҭара хдыркәшеит

"Аԥснеимадара" ахыбра арҭҟәацга аҵоу иаҵамуи гәарҭон Аԥсны АҶА, ААР, АШәМ русзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19- Sputnik, Бадри Есиава. Арҭҟәацга аҵоуп ҳәа ззырҳәаз Гәдоуҭа ақалақь агәҭа игылоу ахыбра агәаҭара хдыркәшеит, иакәшаны игылаз амилициа адгоуп.
Агәаҭараан арҭҟәацга ҳәа акгьы рымбеит. Аусурақәа мҩаԥыргон Аԥсны АҶА, ААР, АШәМ русзуҩцәа.
Мшаԥы 19 Гәдоуҭа араион ашәахтә маҵзура ахьыҟоу "Аԥсныеимадара" ахыбраҿ арҭҟәацга аҵоуп ҳәа зыхьӡ зымҳәаз адырра ҟаиҵеит. Арҭҟәацга аҵоуп ҳәа ззырҳәаз "Аԥснеимадара" ахыбра ауаа дәылыргеит, амилициа акәыршан идыргылеит.
Аҭыԥ ашҟа Аҟәантәи иааит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра аиқәырхаҩцәеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра акинологцәеи ахыбра арҭҟәацга аҵоу иаҵаму агәаҭараз. Дара хә-еихагылак иҟоу ахыбра гәарҭеит.
Гәдоуҭа ақалақь агәҭа игылоу ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа адырра аныҟала Афырхацәа рпроспекти, Адыгааи, Ӡиӡариеи амҩақәа рыла амашьынақәа рныҟәара ааныркылеит.