Аԥсны

Гәдоуҭа ақалақь агәҭа игылоу ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа зыхьӡ зымҳәаз адырра ҟаиҵеит

"Аԥснеимадара" ахыбра иҩноу Гәдоуҭа араион ашәахтә маҵзура ауаа дәылыргеит, амилициа акәшаны игылоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19- Sputnik, Бадри Есиава. Мшаԥы 19 аҽны Гәдоуҭа араион ашәахтә маҵзура ахьыҟоу ахыбра амина аҵоуп ҳәа зыхьӡ зымҳәаз аусбарҭа аԥошьҭахь адырра ҟаиҵеит.

Гәдоуҭатәи амилициа аҟәша аиҳабы, аподполковник Денис Цкәиа иҳәеит ахыбра ауаа дәылыргеит, амилициа акәшаны игылоуп ҳәа.

Цкәиа иазгәеиҭеит, Аҟәантә асапиорцәеи акинологцәеи ишрыԥхьаз. Макьаназ ахыбра амина аҵаҵәҟьоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәам.
Аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент ишааицҳауа ала, "Аԥснеимадара" ахыбра акәша-мыкәша амцарцәаҩцәеи амилициа аусзуҩцәеи гылоуп.