Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров Украина аиадертә бџьар ахы ишамырхәахо иҳәеит

Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik. Урыстәыла аоперациа ҷыда уажәтәи аҭагылазаашьа аҟны ахархәара зҭоу иаабац абџьар ауп ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ателеканал India Today аинтервиу аҭо.
"Иаабац абџьар мацара", – иҳәеит Лавров, Урыстәыла аиадертә бџьар ахы ианархәома ҳәа иҭаз азҵаара аҭакс.
Иара иҳәеит Украина "НАТО плацдармны иазыҟалеит" ҳәа Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла аиадертә бџьар амазаара иазыхынҳәыр шауаз.
Лавров иазгәеиҭеит Сҭампылтәи аиҿцәажәарақәа рышьҭахь Урыстәыла гәыҳалалрак аҳасаб ала Украина игылоу ар реиҿкаашьа шаԥсахыз, аха уи аӡәгьы иахәҭаз ахәшьара шеимҭаз.
"Ҳар Украина аҟазаара аиҿкаашьа ҳаԥсахит Сҭампыл ишаҳҳәаз аиԥш, иаҳҳәеит украинатәи аган агәра шааго, Черниговтәиии Киевтәии аобластқәа рыҿгьы ҳажәа ҳамеижьакәа ар реиҿкаара ҳаԥсахит, аха уи аӡәгьы иахәҭаз ахәшьара аимҭеит. Уи ацынхәрас Буча "ахҭысқәа" аладырҵәеит", - иҳәеит Лавров ателеканал India Today аинтервиу аҭо.
Лавров иҳәеит Урыстәыла гәҭакыс ишамоу украинатәи анацистцәа рыдгылаҩцәа рыцәгьоурақәа адунеи ардырра.
"Ҳара аҭҵаарақәа мҩаԥаагоит анацисттә баталионқәа рыдгылаҩцеи аруааи рыцәгьоурақәа рзы. Иаԥҵоуп акомиссиа ҷыда, иҟоуп ауаажәларратә еиҿкаараа, арҭ рҩызцәа ацәгьоурақәа рыҭҵааразы аԥышә ду змоу. Ҳара мышкызны аиаша ааҳарԥшуеит", - иҳәеит Лавров.
Лавров Урыстәыла мҽхакыҭбаала агибридтә еибашьра азцәырыргеит иҳәеит