Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: Украина аоперациа ҷыда афаза ҿыц иалагеит

Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахьазаарын Украина ахада Владимир Зеленски минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа дышрықәныҟәало атәы шьақәирӷәӷәахьазар, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Сергеи Лавров.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Украина аоперациа ҷыда афаза ҿыц иалагеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ателеканал India Today аинтервиу аҭо.
Иара иазгәеиҭеит Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аоперациа Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рхақәиҭра ишазырхо.

"Аоперациа иаҵахоит, уажәы афаза ҿыц иалагоит. Сгәанала, арратә аоперациа ҷыда цонаҵы ари ихадоу аамҭахоит", - иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит акризис ҭышәынтәалахьазаарын Украина ахада Владимир Зеленски минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа дышрықәныҟәало атәы шьақәирӷәӷәахьазар, аусеицура дақәшаҳаҭзар ҳәа. Убри аан "Мраҭашәара Зеленски ахы данархәеит" Урыстәыла аҿагылараҿы ҳәа азгәеиҭеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров Украина аиадертә бџьар ахы ишамырхәахо иҳәеит
Сҭампылтәи аиҿцәажәарақәа рышьҭахь Урыстәыла гәыҳалалрак аҳасаб ала Украина игылоу ар реиҿкаашьа аԥсахит иҳәеит Лавров.
"Ҳар Украина аҟазаара аиҿкаашьа ҳаԥсахит Сҭампыл ишаҳҳәаз аиԥш, иаҳҳәеит украинатәи аган агәра шааго, Черниговтәиии Киевтәии аобластқәа рыҿгьы ҳажәа ҳамеижьакәа ар реиҿкаара ҳаԥсахит, аха уи аӡәгьы иахәҭаз ахәшьара аимҭеит. Уи ацынхәрас Буча "ахҭысқәа" аладырҵәеит", - иҳәеит ААР ахада.