Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина абжьаратә школқәа рҟны аурыс бызшәа аҵара иақәиҭымхар ҟалоит

Украина аҳәынҭқарратә бызшәа ахьчараз азинмч змоу Тарас Кремин мшаԥы 16 азы асоциалтә ҳақәа рҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит, цәыббра 1 инаркны украинатәи ашколқәа рҿы аурыс бызшәа аҵара аанкылазарц.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Украина аҵара аминистр Сергеи Шкарлет украинатәи ашколқәа рҿы аурыс бызшәа аҵара аанкылазарц ажәалагала дадгылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ашколи арҵаҩратә хеилаки иразҵаатәуп, аха иааидкыланы ари аԥшьгамҭа ҳадгылоит", - иҳәеит Шкарлет ателеканал "Украина 24" аинтервиу аҭо.
Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцов уаанӡа иҳәахьан украинатәи арҵага шәҟәқәа 300 ирызуз анализ алкаақәа рыла ишышьақәыргылоу ахәыҷқәа Урыстәыла ацәымӷра шыддыркуаз.
Ҷыдала арҭ арҵага шәҟәқәа рҿы анацисттә коллаборантцәа Степан Бандереи Роман Шухевичи "Украина афырхацәа" ҳәа иаарԥшуп ҳәа иҳәеит ачынуаҩ.