Аԥсны

Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсны аҭоурых азы ажәахә ҟаиҵеит

Сынтәа Никарагуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аадыртраны иҟоуп. Манагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса цәыббра 3 азы. Шықәсык ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Мшаԥы 19 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Асандинисттә фронт имҩаԥнагоз авидеоконференциа, уаҟа "Аԥсны аҭоурых, акультура, ахьыԥшымраз ақәԥара" атемала ажәахә ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Уи аԥхьа имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндреси реиԥылара. Аиԥылараан ирылацәажәан ҩ-ганктәи жәларбжьаратәи азҵаарақәа, ԥхьаҟатәи аусеицура аԥеиԥш, аиԥылара мҩаԥысит еснагь аиԥш аԥхара аҵаны.
Аԥсны
Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылеи Венесуелеи рыцҳаражәҳәаҩцәа дырԥылеит
Ажәахә аҿы Ладариа дазааҭгылеит аԥсуа жәлар рҭоурыхи ахьыԥшымраз рықәԥареи.
Онлаин уснагӡатә иалахәын 500 -ҩык инарзынаԥшуа Асандинисттә фронт анапхгара рхаҭарнакцәа, Ареспублика амуниципалитетқәа рхаҭарнакцәа, асасцәа.
Аизара аҿаԥхьа иқәгылеит Сахаратәи Арабтә Демократиатә Республика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мохамед Салем Ульд Салек, Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов, Ареспублика Никарагуа Апарламент аиҳабы Густаво Поррас Кортес.