Аԥсны

Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа мшаԥы 21 азы лашарада иаанхоит

Алашара арцәара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иадҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рыхәҭақәа мшаԥы 21 азы лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Асааҭ 11:00 - 16:00 рзы астанциа маҷ "Гьачрыԥшь" ааныркылоит.
Асааҭ 11:00 - 15:00 рзы иаанкылахоит астанциа маҷқәа "Мцара", "Дәрыԥшь" (Дәрыԥшь, Аҷандара, Абӷархықә, Приморск, Афон Ҿыц лашарала еиқәзыршәо), аҳауатә цәаҳәа "Афон Ҿыц" арҽеиратә усқәа рымҩаԥгаразы.