Еиҳарак ансамбль аҿы азҿлымҳара змоу жәлар рашәақәа роуп, аха сынтәа, ҳаамҭзтәи ҳавторцәа рашәақәагьы наугӡар алшоит, ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа арадиоефир аҿы.
"Ансамбльқәа рҿаԥхьа иқәгылан ахыдҵа, жәлар рашәақәа рыдагьы, иахьатәи аамҭаз ҳавторцәа иаԥырҵо ашәақәа рынагӡарагьы. Афестиваль - асаркьа иаҩызоуп, ианыԥшылан рхы рбо иалагоит уи иалахәу, рҩызцәа рашәаҳәашьа, инарыгӡо шынарыгӡо, ирыгу. Сынтәа иалхәуп аа-нсабльк. Ҳара ҳанаҟәыҵ ари аус аиҿкаара аҽаӡәы далагарц игәы ишҭам ҳбоит. Чарак аҿы иаадгыланы шәак рызҳәом, ари рыцҳароуп. Иааинырсланы ҭацаагарашәа ззымҳәо амилаҭ, ари ахаҿра зцәыӡыз милаҭ ҳәа азуҳәар ҟалоит. Убыс ҟамларцаз ауп ҳамчкәа еизыркәкәа афестиваль зымҩаԥаҳго", - еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.