Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа: иааинырсланы аҭацаагарашәа ззымҳәо, ахаҿра зцәыӡыз амилаҭ ҳәа азуҳәар ҟалоит

Кәарҷиа: иааинырсланы ҭацаагарашәа ззымҳәо амилаҭ, ахаҿра зцәыӡыз милаҭ ҳәа азуҳәар ҟалоит
Анапаҵаҩра
XII Афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль "Раида" мҩаԥысуеит мшаԥымза 20 рзы. Атрадициатә усмҩаԥгатә зхы алазырхәуа аҿари, сынтәатәи афестиваль егьырҭ излареиԥшымхои ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Аԥсны жәлар рырҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Еиҳарак ансамбль аҿы азҿлымҳара змоу жәлар рашәақәа роуп, аха сынтәа, ҳаамҭзтәи ҳавторцәа рашәақәагьы наугӡар алшоит, ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа арадиоефир аҿы.
"Ансамбльқәа рҿаԥхьа иқәгылан ахыдҵа, жәлар рашәақәа рыдагьы, иахьатәи аамҭаз ҳавторцәа иаԥырҵо ашәақәа рынагӡарагьы. Афестиваль - асаркьа иаҩызоуп, ианыԥшылан рхы рбо иалагоит уи иалахәу, рҩызцәа рашәаҳәашьа, инарыгӡо шынарыгӡо, ирыгу. Сынтәа иалхәуп аа-нсабльк. Ҳара ҳанаҟәыҵ ари аус аиҿкаара аҽаӡәы далагарц игәы ишҭам ҳбоит. Чарак аҿы иаадгыланы шәак рызҳәом, ари рыцҳароуп. Иааинырсланы ҭацаагарашәа ззымҳәо амилаҭ, ари ахаҿра зцәыӡыз милаҭ ҳәа азуҳәар ҟалоит. Убыс ҟамларцаз ауп ҳамчкәа еизыркәкәа афестиваль зымҩаԥаҳго", - еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0