Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Песков Москвеи Киеви реиҿцәажәараз: ампыл Украина аганахь иҟоуп

Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа хацыркын жәабран 28 азы, аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь ахәымш рыҽны. Аиԥыларақәа реиԥш имҩаԥысит авидеоконференциақәагьы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Урыстәыла Украина иазынанашьҭит аҭахрақәа рыпроект, уажәшьҭа ампыл Украина адәаҿы иҟоуп ҳәа иҳәеит ажурналистцәа дрыҿцәажәо Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иахьатәи аамҭазы украинатәи аган ашәҟәы апроект рзынаҳашьҭит. Уа иарбоуп ҳган аҭахрақәа зегьы. Ампыл раҳҭеит. Аҭак ҳазыԥшуп", - иҳәеит Песков.

Убри аан Кремль ахаҭарнак иҳәеит Киев ажәақәа ишрыцәхьаҵуа. "Уи иҿеим ахылҿиаар ҟалоит", - иҳәеит иара.
Украинеи Урыстәылеи Стампыл аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысит хәажәкыра анҵәамҭаз, атәыла ахада ирезиденциа –Долмабахче аҿы. Усҟан Москва "Киев аганахь ала ҩ-шьаҿак ԥхьаҟа иҟанаҵеит". Киеви Чернигови рхырхарҭаҿы аибашьра аннакылеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла АА аминистр Сергеи Лавров. Аха Киев уи пату азақәымҵеит Бучатәи ахҭысқәа аланарҵәеит ҳәа азгәеиеҭит иара.
Мшаԥы 7 азы Лавров иҳәеит украинатәи аган Сҭампылтәи аиқәшаҳаҭра апроект иацәхьаҵит ҳәа.