Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Полиански: 2014 шықәса раахыс 2,5 миллионҩык украинаа Урыстәыла хыхьчарҭан иалырхит

Жәабран 24 азы Урыстәыла Донбасс аҭынчуааԥсыра рыхьчареи уа ацәгьоура мҩаԥызгоз рыхәҭа рақәыршәареи хықәкыс иҟаҵаны арратә операциа ҷыда иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. 2014 шықәсазы Маидан атәыла анапхгареиҭакра ашьҭахь иахьанӡа 2,5 миллионҩык украинаа Урыстәылаҟа иахыҵит хыхьчарак аҳасаб ала ҳәа иҳәеит ЕАР иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Дмитри Полиански аиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аофициалтә дыррақәа рыла 2014 шықәса раахыс Урыстәыла атәылауаҩра аиурази, ахҵәаҩы истатус аиурази ма аамҭала ҳтәылаҿ аҽыԥхьакрази аусбарҭақәа ирыдҵаалахьеит ианеиҵаха 1,7 миллионҩык", - иҳәеит иара.
Донбасс аҭагылазаашьа анеицәаха украинатәи аган аҟынтәи аоперациа ҷыда аламҭалаз 863 нызқьҩык рҟынӡа Урыстәылаҟа ииасит ҳәа иҳәеит Полиански.
Абас ала 2014 шықәса раахыс 2,5 миллионҩык украинаа Урыстәылаҟа иахыҵит ҳәа иҳәеит адипломат.