Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аракетақәа 1000 инарзынаԥшуа Украина арратә аргыларақәа ааха рырҭеит

Урыстәыла Арратә мчрақәа Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Урыстәылатәи аракетатә ар 1053 Украина арратә инфраструктура ахыбрақәа ааха рырҭеит ҳәа иҳәеит ашьыжьтәи абрифинг аҿы Атәылахьчара аминистрра хаҭарнак чыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

Ааха зҭоу аргыларақәа иреиуоуп: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 31, абылтәы-хьшьтәы материалқәа рышьҭаҵарҭақәа 6, аӷа ир ргыларҭақәа 910, артиллериа агыларҭақәа 106.

Авиациа уахык ала 73 арратә ргылара ааха рнаҭеит: аӷа ири итехникеи ргыларҭақәа 50, ахырӷәӷәарҭақәа 7, аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа 4.
ПВО ахархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 6, атактикатә ракетақәа "Точка-У" - 2.
Урыстәыла Арратә мчрақәа Украина абџьархыхрази Донбасс аҭынч уааԥсыра риеқәырхарази арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иалагеит жәабран 24 азы.