Аԥсны

Аҟаза изы ажәа: Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит ААУ аҟны

Асахьаҭыхыҩ, акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа 66 шықәса ихыҵра аламҭалазы ихҵан Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ҳаракы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны асахьаҭыхыҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ Нугзар Логәуа ҵыԥх 65 шықәса ихыҵра аиубилеи азгәаҭара залыршамхеит. Убри инамаданы аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа лаԥшьгарала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны еиҿкаан аҟаза изкыз арҿиаратә хәылԥазы.
Аиԥылара рхы аладырхәит Нугзар Логәуа ибзиан дыздыруа иҩызцәа иқәлацәа, аус ицызуа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, астудентцәа. Иазааҭгылеит арҿиаҩы аԥсуа доуҳатә культураҟны илагала, ирылацәажәеит уи иаԥиҵаз иусумҭақәа, еибырҳәеит ргәаанагарақәа.
Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит ААУ аҟны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа иқәгылараҟны иҳәеит аҿар реиҵааӡараҟны, акультура агьама дыркра аус аҟны илагала шдуу Нугзар Логәуа, инаҵшьны иазгәеиҭеит акыршықәса ААУ аҟны иусура, аҿар иԥышәа рымадара хәы змам ҳамҭаны ишырзаанхо атәы.
"Ҳара иаҳдыруазароуп шаҟа ҳбеиоу ас еиԥш иҟоу абаҩхатәра ду змоу аҟазацәа, арҿиаҩцәа ахьҳамоу. Аҿар реиҵааӡара, ԥхьаҟатәи акультура агьама адыркра аус аҟны злагала рацәоу ираԥхьагылоу Нугзар Логәуа иџьабаа ахә ҳаракны ишьоуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны асахьаҭыхратә галереиа аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа даԥхьеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахьӡала иаашьҭыз адныҳәалара. Насгьы иазгәалҭеит ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны аҟаза иусумҭақәа рыла ацәыргақәҵа аиҿкаара азгәаҭаны ишрымоу.
Ахәылԥаз иалахәыз рықәгыларақәа рыҟны иазааҭгылон аиубилиар идҳәаланы рхатәы гәалашәарақәа, мҩак реицанысра аамҭа, рцәаныррақәа еимырдон.
Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит ААУ аҟны
Аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Ҭали Џьапуаԥҳа лгәалашәарақәа дырзааҭгыло илҳәеит, аҟаза Нугзар Логәуа дхәыҷаахыс иҩызара даара ишманшәалаз, урҭ еидызкыло ишреиуоу рхәыҷратә аамҭа:
"Актәи акласс инаркны Нугзари сареи аҵара еицаҳҵон. Еиҿкааны иҳаман алитературатә гәыԥ, уаҟа хаицалан. Асахьаҭыхра еснагь дазҿлымҳан, уи иԥсҭазаара иахәҭакхеит. Зегь рыла дҿырԥшыган, дҩыза бзиан, ус дагьаанхеит", - лҳәеит лара.
Ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа иҳәеит ишыҟоу аԥсуа культура еихазҳауа, ԥхьаҟатәи аӷьацара иаҵагылоу, иазааԥсо аҟазацәа, урҭ рыбжьара аҭыԥ хада шааникыло Нугзар Логәуа.
Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит ААУ аҟны
"Аԥсуа ҟаза, арҿиаҩы Нугзар Логәуа ибаҩхатәратә ԥсҭазаарала шаҟаҩы иргәырӷьахьада, ирҵәыуахьада, ирхәыцхьада. Иара имоуп хәы змаӡам аусумҭа дуқәа, уи гәырӷьароуп ҳмилаҭ еицырдыруа иҟазҵо акультуратә ԥсҭазаараҟны", - иҳәеит иара.
Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапы зҵаиҩыз аусԥҟа инақәыршәаны, еизаз зегьы ирылеиҳәеит Нугзар Логәуа Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ шихҵоу атәы.
Аԥсны
Нугзар Логәуа Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп
Асахьаҭыхыҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Нугзар Логәуа еизаз иҭабуп ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит, ахәылԥаз гәахәарыла ишидикылаз, уи иара изыҳәаны акыр шаҵанакуа.
"Сырҿиара ахә ҳаракны изшьаз, аиҿкааҩцәа, аҭааҩцәа, шәажәа ԥхақәа рзыҳәаны иҭабуп даараӡа. Шәагымзааит Аԥсынра, инаунагӡахааит аԥсуа культура, уи еихазҳауа аҿар еснагь иҳамазааит", - иҳәеит иара.
Ахәылԥаз хыркәшо, идырбан ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лархив аҟынтә адокументалтә фильм, убасгьы астудентцәа ирыԥхьеит рхатәы жәеинраалақәа.
Асахьаҭыхыҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ Нугзар Логәуа диит Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Ибаҩхатәра ду злоу асахьаҭыхҩы, арҿиаҩы Нугзар Логәуа иҟазара Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруеит. Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи, Урыстәыла Апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа реидгылеи далоуп.
Иусумҭақәа ҵәахуп Аԥсны амилаҭтә галереиа аҿеиԥш, Урыстәыла, Англиа, Еиду Америкатәи аштатқәа, Италиа, Сан-Марино, Иапониа, Ҭырқәтәыла, уҳәа акыр аҳәынҭқаррақәа рҿы. Ԥшшәы рацәала еиларсу иусумҭақәа ирныԥшуеит асахьаҭыхҩы идунеихәаԥшышьа аҳәаақәа акыр ишыҭбаау, ишимоу иара ихатә знеишьа, ихатә гьама.
Логәуа: аҳәынҭқарра аргылараҿы ҳажәлар ирымоу адоуҳатә мчрақәа зегьы реизакра аҭахуп
Иахьатәи аамҭазы Нугзар Логәуа акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩс дыҟоуп. Иара убасгьы ААУ аҿы алекциақәа дрыԥхьоит, еиҿикаауеит жәларбжьаратәи арт-пленерқәа, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы аиндаҭларатә комиссиа далахәылоуп.