Логәуа: аҳәынҭқарра аргылараҿы ҳажәлар ирымоу адоуҳатә мчрақәа зегьы реизакра аҭахуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаАсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа
Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа дазааҭгылоит Аԥсуа ҳәынҭқарра аԥсуа цәа аҟәынны азнеира, абызшәа аҳаҭыр ашьҭыхра, агәаанагарақәа реизакра, урҭ ииашаны рҳәаақәҵара.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Адунеи аҿы имҩаԥысуа аекономикатә, аполитикатә, акультуратә еиҭакра дуқәа ирхырҟьаны, аԥсуа жәлар милаҭк аҳасабала ҳхы еиқәҳархарц азы ҳҿаԥхьа ицәырҵуа азҵаара хадақәа ируакуп аԥхьаҟа иҟаҳҵаша, ахеиқәырхара ишьҭнахуа аганқәа зегьы блаҵарыла рыхәаԥшра, урҭ рылацәажәара, ииашаны рҳәаақәҵара. Хымԥада, ари азҵаара иаҵаҵәаху, иамҽханакуа акырӡа ирацәоуп, иҳәоит Логәуа.

"Иҳауз ахақәиҭра иаҳнаҭаз аҳәынҭқарра ҿыц аԥсыуа ҳәынҭқарран аԥсуа цәа аҟәынҵаны аҟаҵара, ҳарҭ зегьы иаҳуалԥшьоуп. Адемократиатә ҳәынҭқарра иҳанаҳәаӡом аҳәынҭқарра зыхьӡ аху ажәлар ркультуреи, рытрадициақәеи еиқәырхатәӡам ҳәа. Уи аиқәырхареи, аихаҳареи знапы иану ажәлар рхаҭа роуп, амала урҭ атрадициақәа ауаатәыҩсатә зинқәа еиларымгозар", — иҳәеит асахьаҭыхҩы.

Ҳарҭ аԥсуаа ҳхатәы традициа бзиақәа шҳамоугьы, ҟазшьа ҷыдан иҳамоуп атәым культурақәа рытрадициақәа рышьҭкаара. Ус ҟазҵо ажәлар ирласны ассимилиациа амҩа ианылар алшоит. Ҳара аҭоурых ду змоу жәларуп.   Ҳҳәынтқарра раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ишиҳәахь еиԥш: "… ҳара машәыршәа ари Кавказ адгьыл ҳақәнамгалаӡеит… ҳҳәынҭқарра акәзар, ҩнызқьи хәышә шықәса инархыҳәҳәо иахыҵуеит…". Ус анакәха, ҳара ҳахьыҟоу ҳҭоурых ԥсадгьыл аҿы, ҳәара аҭахума, ҳаԥшәымацәазароуп. Уи иаанагоу, ҳбызшәагьы, ҳҵасгьы, ҳқьабызқәагьы ари адгьал аҿы аҳра руазароуп, ҳәа азгәеиҭеит Нугзар Логәуа. 

Аллиаҭин Ебжьноу - Sputnik Аҧсны
Аллиаҭин Ебжьноу: ҳара ҳажәлар ӷәӷәоуп, ҳмилаҭ наӡоуп

"Аԥсуа ҳәынҭқарра аԥсуа бызшәоуп уасхырс иаҵагылоу. Ижәытәӡатәиу аԥсуа бызшәа азқьышықәсақәа иргәылган иахьа уажәраанӡа еиқәырханы ҳара ҳҿынӡа иааргазар ҳажәлар, аринахысгьы ԥсра-ӡра шақәым агәра згоит. Аха, иҟоуп ҳзызхәыцша иаарту азҵаарақәа рацәаны. Аҳәынҭқарра аҟаҵара ажәлар зегь ргәамч, рдоуҳа ӷәӷәаны иагәыламгылазар, лыԥхала изышьақәгылараны иҟаӡам. Абри аус аҿы ҳажәлар ирымоу адоуҳатә мчрақәа зегьы реизакра аҭахуп", — иҳәеит Логәуа. 

Иашоуп, ҳара иахьа зыргылара ҳаҿу аҳәынҭқарра, демократиатә ҳәынҭқарроуп. Аха, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа формала еиԥшызаргьы, ҟазшьала еиԥшӡам. Зегь рхатә ҷыдарақәа рымоуп. Иаҳгозар, Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Британиа Дуи.

Урҭ рытрадициақәа шеиԥшым еиԥш, рҳәынҭқарратә уаажәларратә хныҟәгашьа зынӡаск еиԥшӡам. Ҳара ҳаиԥш имаҷу аҳәынҭқаррақәа Лиуксембурги Сан-Маринои ракәзар, рхатә традициақәа ныҟәыргоит, рыбла ҷыц еиԥш иахӡыӡаауеит. Еиҭамҵуа, зҿызымԥсахуа атрадициақәа, аклассика, аҿатә аамҭа-акоммуникациа ҿыцқәа, иласу аинформациа узҭо аинтернет, аҿатә уаа рытрадициа ҿыцқәа…

"Иахьатәи ацивилизациа иахәҭакны иҟоу ажәларқәа ҳархыԥхьаӡалазар ҳарҭгьы, арҭ азҵаарақәа ҳрывсны цашьа ҳамаӡам. Ҳарҭ еснагь ишьҭаҳхуазароуп аԥсуара иаҵанакуа азҵаарақәа. Зегь раԥхьа иргыланы, аԥсуа закәан хада инақәыршәаны аԥсуа бызшәала аусқәа зегьы мҩаԥгалатәуп", — иҳәеит Логәуа.

Нугзар Логәуа игәаанагарала, аԥсуа бызшәа аҳаҭыр ашьҭыхразы, ҳтәылаҿы имҩаԥгалатәуп арҿиаратә еицлабрақәа, хаз ҷыдала иазааҭгыланы иаԥҵатәуп аԥсуа жәлар рмилаҭ хьӡырҳәагақәа рыхьӡқәа зху ауаажәларратә премиақәа, ҭҵаарадыррала иазнеины еқәыршәатәуп аԥсуара ишьҭнахуа аԥҟарақәа ртәы зҳәо ашәҟәқәа, цхыраагӡак аҳасабала иҭыжьзар бзиан аԥсуа етикет ала ахымҩаԥгашьа иазку аброшиурақәа, амассатә информациатә хархәагақәа рыла ажәлар ирыладырҵәо аинформациа раԥхьаӡа акьыԥхь абалароуп аԥсуа бызшәала.

Ҳәарада, иҟаҵоу акырӡа шыҟоугьы, ҳмилаҭ хдырра ашьҭыхразы иҟаҵатәу акырӡа ирацәоуп. Ҳара ҳдоуҳатә культура, ҳмалқәа зегьы ирмалуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0