Аԥсны

Аԥсны даҽа хҩык ауаа акоронавирус рыдырбалеит

Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 604-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 52914-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 683-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 азы атестқәа арҭеит 20-ҩык, урҭ рахьтә хҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп хҩык ачымазцәа.
Аҟәатәи, Гагратәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭақәа рҿы аӡәгьы шьҭаӡам.