Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Азов" иршьыз ауаа рыԥсыбаҩқәа мариупольтәи ахәшәтәырҭаҿы ирбеит

Мариупольтәи ахәшәтәырҭаҿы ахаҳәырҟәара ақәгара иаҿуп, УАМ аҭынч уааԥсыра рганахьала ргыгшәыграқәа ашәҟәы иарбо.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Донецктәи Жәлар р-Республика арратә експертцәеи Ашьаусҭҵааратә еилакы аекспертцәеи мариупольтәи ахәшәтәырҭа №4 аҿы ирбеит абаталион "Азов" араион алахысра ашьҭахь 26-ҩык аҭынч уааԥсыра рыԥсыбаҩқәа. Абри атәы аарыцҳауеит ахымца аанкылара арежим акоординациа азуреи ахылаԥшреи рзы Ацентр аҿы ДЖәР ахаҭарнакцәа.
Мариупольтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩыла ауаа рҭахара атәы еилкаахеит мшаԥы 17 рзы. Арратә експертцәа ропергәыԥ, аинрал-маиор Руслан Иакубов инапхгарала, 20 рҟынӡа ԥсыбаҩ ашәҟәы иҭаргалеит усҟан. Ԥшьымшуп ахаҳәырҟәара еилдыргоижьҭеи. УАМ амшыншьаҟауаа 36-тәи рыбригада аруаа рганахьала ашьаус хацыркуп аибашьра амҩаԥгашьеи зхархәара ҟамло ахархәагақәеи рзы.

"Амедусҳәарҭа аган инаваршәны аа-метрак иахьрыҵаркуа 26 ԥсыбаҩ ԥшаан. Урҭ амилаҭеилыхыҩцәа рбаталион "Азов" ари аҭыԥ ианеихсуаз иҭахеит", - ҳәа аанацҳауеит аиҿкаара Telegram-канал аҿы.

Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи аруааи ДЖәР аотриадқәеи Мариуполь амацәаз иҭаркит. Ақалақь анапахьы иаагоуп азауад "Азовсталь" араион ада. Ара "Азов" аибашьцәа рҽыҵәахны итәоуп.