IKEA, Zara урыстәылатәи аџьармыкьахь ихынҳәыр рҭахуп

Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Урыстәыла русура шныркыло атәы рҳәеит мраҭашәаратәи аилахәыра дуқәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21- Sputnik. Швециатәи аилахәыра – аҩнымаҭәеи аҩназы атуари ҭзыжьуа IKEA, испаниатәи аилахәыра Inditex – амаҭәа абрендқәа ҭзыжьуа, Zara, Bershka уҳәа рлогистика еиҭакны урыстәылатәи аџьармыкьа иазыгьежьыр рҭахуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Ахәаахәҭра аминистрра ахада Виктор Евтухов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Урҭ русура аформат акыр аинтерес аҵоуп. IKEA атауар аиҭакра алшаӡом. Убри аан "Меги" аус зуа ирзынрыжьит, аҽа ҩба рыргылара иацырҵоит. Абас ала аргылараҿ аинвестициақәа аанырымкылеит. Дара ирҳәоит ассортименттә матрица аҭәра аҵакы аманы ишахәаԥшуа, аҭагылазаашьа аҽеиҭанакыр, аалыҵ аагоит, адәқьанқәа ааҳартуеит. IKEA ҳара ҳхала аинвестициақәа азаауит, ацентрқәа ҳаргылеит, уи азы зегь ркажьра дара рзы ифеидаӡам", - иҳәеит Евтухов.

Иара иажәақәа рыла, Inditex абри аҩыза аҭагылазаашьа амоуп - амаҭәа аколлекциа асезон ахь изныкымкәа аҽаԥсахуеит, уажәтәи аҭагылазаашьаан ианаамҭоу атауар рзаагом. Евтухов иажәақәа рыла, аилахәыраз урыстәылатәи аџьармыкьа аҭаххара амоуп, ацәамаҭәақәа: Zara, Pull and Bear, Massimo Dutti, Bershka, Stradivarius амаркақәа ирыҵаркуа урыстәылатәи аахәаҩцәа бзиа ибаны иаархәон.
Урыстәыла апрокуратура Хада иҭнаҵаауеит аџьармыкьа иалҵуа аилахәырақәа
Убри аан аминистр иҳәеит мраҭашәаратәи абрендқәа Урыстәылаҟа ахынҳәра рҭахымхар, аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа урҭ рҭыԥ шныркыло.
Асанкциақәа рышьҭахь аилахәырақәа, афирмақәа, акорпорациақәа маҷымкәа Урыстәыла русура шныркыло рҳәеит.
Ус шакәугьы, имаҷӡам рыхәаахәҭырҭатә ҭыԥқәа рыхә рхызшәаауа, аусзуҩцәа рџьахә зшәо, лшарак ҟалар игьыжьерц зҭаху.