Урыстәыла апрокуратура Хада иҭнаҵаауеит аџьармыкьа иалҵуа аилахәырақәа

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГенеральная прокуратура РФ
Генеральная прокуратура РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Анапаҵаҩра
Мраҭашәаартәи асанкциақәа рырӷәӷәара инадҳәаланы урыстәылатәи аџьармыкьа ишалҵуазы аҳәамҭа ҟарҵеит жәларбжьаратәи аилахәыра дуқәак.
АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Урыстәыла апрокуратура Хада агәаҭарақәа мҩаԥнагоит аилахәырақәа аџьармыкьа ҳлҵуеит зҳәаз рыҟны ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Апрокурорцәа ахылаԥшра дырӷәӷәеит урыстәылатәи аџьармыкьа алҵра ма уа аусура аркьаҿра гәҭакыс измоу аилахәырақәа аус зуа азакәанԥҵара ишықәныҟәо, арҭ аиҿкаарақәа рҟны ламысцқьала аус зуаз анаплакыҩцәеи аусуҩцәеи рышьақәыргыларазы. Абри азы анапынҵа ҟаиҵеит апрокурор хада Игор Краснов.
Аџьатә закәанԥҵара ахылаԥшра ӷәӷәа аҭара шьақәыргылоуп – аџьатә еилаӡарақәа, аулафахәы ашәара, уи ахышәаҵышәа ашьақәыргылара, ахыдҵақәа рынагӡара уҳәа рганахь ала.
Апрокурор хада инаҵшьны азхьаԥшра аиҭеит социалла ихьчам аусуҩцәа - згәабзиара уашәшәыроу, зцәа зтәым, зықәра маҷу ахшара змоу, атәанчахәыԥхьатәии атәанчахәытәи қәра иаҵанакуа рзинқәа рхылаԥшра ҳәа аҳәоит аусбарҭа.

"Игор Краснов иазгәеиҭеит аџьармыкьа иалҵуа аиҿкаарақәа ганкахьала рҭакԥхықәрақәа мап рцәыркыр шыҟамло. Апрокурорцәа арҭ афактқәа алдыршараны иҟам", - ҳәа арбоуп аинформациаҿы.

Аусура аанкылара афактқәа зегьы азинтә хәшьара роуеит.
Украина иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы Мраҭашәаартәи асанкциақәа рырӷәӷәара ашьҭахь урыстәылатәи аџьармыкьа ишалҵуазы ма русура шеҵартәуазы аҳәамҭа ҟарҵеит жәларбжьаратәи аилахәыра дуқәак. Арахь иаҵанакуеит: McDonalds, Adidas, Nike, Puma, Levi’s, IBM, H&M, IKEA, Volkswagen, Audi, Porsche, Estee Lauder, Apple, Microsoft, Lego уҳәа егьырҭгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0