АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ԥышәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгоуп раԥхьатәи аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" аҭырҟьара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Адунеи аҟны зегь реиҳа амчра змоу ҳәа ишьоу абаллистикатә ракета ҭырҟьан асааҭ 15:12 рзы (мшаԥы 20 рзы - азгә.) Аҳәынҭқарратә ԥышәарҭатә космодром "Плесецк" Архангельсктәи аобласт аҿы".
"Аракета аҭырҟьара мҩаԥысит ишақәнагаз еиԥш. Аԥырра ахәҭақәа зегьы рҟазшьақәа азгәаҭоуп. Арҵагатә блокқәа иарбоу араион, Камчатка аԥышәаратә дәы Кура ахь инеит", - ҳәа рҳәеит атәылахьчаратә усбарҭаҿы.
Урыстәыла ахада Владимир Путин ар ирыдиныҳәалеит аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" аԥышәара қәҿиарала амҩаԥгара, иазгәеиҭеит аиԥш зеиԥшу адунеи аҿы ишыҟам.
Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит аракета аԥырратә ԥышәара ишалнаршо аракетатә комплекс "Сармат" аԥҵараан иазгәаҭаз асхема-аибыҭашьатә техникатә ҟазшьақәа ахьынӡаиашоу ахәшьара аҭара.
Аԥышәаратә программа ашьҭахь аракетатә комплекс "Сармат" астратегиатә ҟазшьа змоу аракетатә ар рнапахьы инашьҭхоит, атәыла амчрагь акыр иарӷәӷәоит. Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы аракетатә полк хада азыҟаҵара мҩаԥысуеит аракетатә комплекс ҿыц ахархәара амҩаԥгараз.