https://sputnik-abkhazia.info/20220421/urystyla-akontinentbzharat--ballistikat-raketa-sarmat-dyreit-1038746930.html
Урыстәыла аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" ҭдырҟьеит
Урыстәыла аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" ҭдырҟьеит
Sputnik Аҧсны
Астратегиатә ракетатә комплекс "Сармат" аракетақәа рыцԥхьаӡа рыкапан 200 тонна иҟоуп, иҭҟьо акапан –10 тоннак. 21.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-21T09:40+0300
2022-04-21T09:40+0300
2022-04-21T09:40+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102706/22/1027062275_0:42:1507:890_1920x0_80_0_0_e00c73f9f75320709d9f33d9602c7496.jpg
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ԥышәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгоуп раԥхьатәи аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" аҭырҟьара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости."Аракета аҭырҟьара мҩаԥысит ишақәнагаз еиԥш. Аԥырра ахәҭақәа зегьы рҟазшьақәа азгәаҭоуп. Арҵагатә блокқәа иарбоу араион, Камчатка аԥышәаратә дәы Кура ахь инеит", - ҳәа рҳәеит атәылахьчаратә усбарҭаҿы.Урыстәыла ахада Владимир Путин ар ирыдиныҳәалеит аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" аԥышәара қәҿиарала амҩаԥгара, иазгәеиҭеит аиԥш зеиԥшу адунеи аҿы ишыҟам.Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит аракета аԥырратә ԥышәара ишалнаршо аракетатә комплекс "Сармат" аԥҵараан иазгәаҭаз асхема-аибыҭашьатә техникатә ҟазшьақәа ахьынӡаиашоу ахәшьара аҭара.Аԥышәаратә программа ашьҭахь аракетатә комплекс "Сармат" астратегиатә ҟазшьа змоу аракетатә ар рнапахьы инашьҭхоит, атәыла амчрагь акыр иарӷәӷәоит. Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы аракетатә полк хада азыҟаҵара мҩаԥысуеит аракетатә комплекс ҿыц ахархәара амҩаԥгараз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102706/22/1027062275_133:0:1374:931_1920x0_80_0_0_f5131e65629cf2c6015a4747bd8f4159.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәыла аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" ҭдырҟьеит
Астратегиатә ракетатә комплекс "Сармат" аракетақәа рыцԥхьаӡа рыкапан 200 тонна иҟоуп, иҭҟьо акапан –10 тоннак.
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ԥышәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгоуп раԥхьатәи аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" аҭырҟьара ҳәа аанацҳауеит
РИА Новости.
Адунеи аҟны зегь реиҳа амчра змоу ҳәа ишьоу абаллистикатә ракета ҭырҟьан асааҭ 15:12 рзы (мшаԥы 20 рзы - азгә.) Аҳәынҭқарратә ԥышәарҭатә космодром "Плесецк" Архангельсктәи аобласт аҿы".
"Аракета аҭырҟьара мҩаԥысит ишақәнагаз еиԥш. Аԥырра ахәҭақәа зегьы рҟазшьақәа азгәаҭоуп. Арҵагатә блокқәа иарбоу араион, Камчатка аԥышәаратә дәы Кура ахь инеит", - ҳәа рҳәеит атәылахьчаратә усбарҭаҿы.
Урыстәыла ахада Владимир Путин ар ирыдиныҳәалеит аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета "Сармат" аԥышәара қәҿиарала амҩаԥгара, иазгәеиҭеит аиԥш зеиԥшу адунеи аҿы ишыҟам.
Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит аракета аԥырратә ԥышәара ишалнаршо аракетатә комплекс "Сармат" аԥҵараан иазгәаҭаз асхема-аибыҭашьатә техникатә ҟазшьақәа ахьынӡаиашоу ахәшьара аҭара.
Аԥышәаратә программа ашьҭахь аракетатә комплекс "Сармат" астратегиатә ҟазшьа змоу аракетатә ар рнапахьы инашьҭхоит, атәыла амчрагь акыр иарӷәӷәоит. Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы аракетатә полк хада азыҟаҵара мҩаԥысуеит аракетатә комплекс ҿыц ахархәара амҩаԥгараз.