Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла арратә медусзуҩцәа ЛЖәР ирытҟәаз Украина аруаа ацхыраара рырҭоит

ДЖәРи ЛЖәРи ареспубликақәа азхаҵаны Урыстәыла жәабран 24 рзы арратә операциа ҷыда иалагеит Украина абџьарҟәныхразы, Донбасс ауааԥсыра рыхьчаразы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Ихәны иҭҟәаз украинатәи аррамаҵзурауаа ЛЖәР аҵакыраҿ иҟоу агоспитальқәа рҿы ахәшәтәра иахысуеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра Telegram-канал аҿы.
Урыстәылатәи арратә медусзуҩцәа ЛЖәР аҿы ирыҭҟәаз УАМ рыруаа, ацхыраара рырҭоит, ирхәшәтәуеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

"Дарбанзаалак аҳәара ҟазҵаз иахәҭоу ацхыраара раҳҭоит, аҭыԥантәи ауааԥсыра роума, Урыстәыла аруаа роума, Украина аруаа роума, еилыхрада", - иҳәеит амедусбарҭа ахирург хада.

Аминистрра авидео ала иддырбоит арратә госпиталь аусура. Иара аартуп Лугансктәи Ареспублика ахәшәтәырҭақәа руак аҿы. Амедусзуҩцәа иахәҭоу ахәшәқәеи ахархәагақәеи рыла еиқәыршәоуп. Агоспиталь аҿы иалшоит ахирургиатә операциақәа рымҩаԥгара, ахәцәа рыхәышәтәра.
Ачымазцәа мышкахь хынтә крырҿарҵоит. Арратә ҳақьымцәа ирыцхраауеит аграждантә медусзуҩцәа.