Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Украина амилаҭеилыхыҩцәа рхырӷәӷәарҭа ааныркылеит

Урыстәылатәи аруааи Донецки Лугански ареспубликақәа рыруааи еилахәны ажәылара еицымҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Урыстәылатәи аруааи Донецки Лугански ареспубликақәа рыруааи еилахәны Лугансктәи аобласт ақалақь Кременнаиа рнапахьы иааргеит. Ақалақь украинатәи амилаҭеилыхцәа ирхырӷәӷәарҭаны иҟан ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Урыстәылатәи арҟәшақәеи Донецки Лугански ареспубликақәа рыруааи Лугансктәи аобласт ақалақь хырӷәӷәарҭа Кременнаиа рнапахьы иааргеит. Ажәыларатә отриадқәа ирылшеит аамҭакьаҿла, ақалақь аинфраструктура ԥырхага дук амҭакәа рнапахьы аагара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭаҿы ирҳәеит аоператив-тактикатәии арратәии авиациа уахык ала украинатәи ари атехникеи ргыларҭақәа 20 ааха шрырҭаз, аҳауаҿагыларатә хархәагақәа ишҭадырхаз аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 13, ишкарыжьыз украинатәи атактикатә ракета "Точка-У".
Уи адагьы, аминистрра иазгәанаҭеит аракетатә ари артиллериеи Украина арратә обиектқәа 1001 ааха рырҭеит: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 58, ахысратә позициақәа 162, ахырӷәӷәарҭақәа 771.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла АКМ Украина аҽа 73 арратә обиект ҭадырхеит
Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 250 ҳаирплани вертолиоти, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 500, 254 ЗРК, 2400 танки акәылӡымашьынақәеи, 1046 артиллериеи минаршәгеи, 2200 ак арратә автомобилтә техника, 262 РСЗО.