Аԥсны

Анқәаб: Аџьар ҟаԥшьи ҳареи ҳусеицура аԥхьаҟагьы ҳақәгәыӷуеит

Аԥсны аԥыза-министри, Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак (АҞЖәА) Евразиа арегион анапхгаҩы Дениз Диурани, ареспубликаҟны амиссиа аиҳабы Натан Реиеси еиԥылеит мшаԥымза 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсни Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки русеицура аԥхьаҟагьы дшақәгәыӷуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аиҳабыра рсаит.
Анқәаб инаҵшьны иазгәеиҭеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраани уи ашьҭахь иуадаҩыз аамҭақәеи рзы АҞЖәА Аԥсны аус ду шымҩаԥнагоз. Иара иҳәеит, Аилак ацхыраара шыҟанаҵо аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаареи ауаажәларра фатәы-жәтәла реиқәыршәараҿи.

"Абарҭқәа зегьы ҳгәалашәоит, наҟ-наҟгьы ҳусеицура ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит аԥыза-министр.

Дениз Диуран иганахьала иҳәеит амиссиа Аԥсны имҩаԥнаго аус ацҵара агәы ишҭоу.
"Ҳара ҳзы ихадоуп аԥсуа ган иахьеилыркаауа Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак политикатә усбарҭак шакәым, акыр шықәса амиссиа Аԥсны аус ауеит, имҩаԥнаго зегьы агуманитартә ҟазшьа змоу апроектқәа ауаа еицырдыруеит, еиҳарак хабарда ибжьаӡыз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаарала", - иҳәеит Диуран.
Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак Аԥсны аус ауеит 1992 шықәса раахыс. Аԥсны ибжьаӡыз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаареи рхаҭарақәа рышьақәыргылареи мҩаԥыргоит 2010 шықәса инаркны.
Аџьар Ҟаԥшь Аԥсны аибашьраҿ иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара еиҭахацнаркуеит