Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа акурорттә аамҭа рыҽшазыҟарҵо иалацәажәеит

Урыстәыла аганахьала иалагалоу асанкциақәа ирыхҟьаны, урыстәылауаа аӡәырҩы аԥсшьаразы атәыла аҩнуҵҟатәи акурортқәа алырхуеит, убас Аԥсынгьы, агәыӷра ыҟоуп сынтәатәи акурорттә аамҭа арбагақәа акырӡа еиҳахап ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахаҭарнакцәеи, Урыстәыла Афедералтә ҳазалхырҭа ахаҭарнакцәеи, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаахьчаҩцәеи аусутә зҵаарақәа рылацәажәаразы еиԥылеит мшаԥы 22 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Иара убас аиԥылара иалахәын Афедералтә ҳазалхратә маҵзура (ФТС) аԥсуа гәаҭарҭатә ҭыԥ ҷыда аусзуҩцәа, Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаҩцәа Урыстәыла Афедералтә хьчаратә маҵзура (ФСБ) аусзуҩцәа.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра анагӡара иалацәажәеит
Рыҩтәылак рҳазалхратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа 2022 шықәса акурорттә аамҭа рыҽшазыҟарҵои иуадаҩу азҵаарақәеи урҭ рыӡбаразы иҟаҵатәуи ирылацәажәеит.
Иара убас иазааҭгылеит аԥхынра ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳәаа ахыгараан аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгара.
Аилацәажәара алҵшәақәа рыла, аҩганк иазгәарҭеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳәаа ахыгаразы ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбаразы аусбарҭақәа рыбжьара лассы-лассы аинырра шхымԥадатәиу.