Аԥсны

Аԥсны лаҵарамзазы аԥсшьаразы ахәқәа ахьылаҟәу аҭыԥқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит

Лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан аԥсшьарақәа раан атурқәа рыбжьаратә хәԥсақәа ирыцлеит 15% рҟынтәи 89% рҟынӡа ашықәстәи арбагақәа ирҿырԥшны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан Аԥсны ахәқәа рылаҟәрала аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа афедералтә туристтә маҵзурақәа "1001 тур" адыррақәа шьаҭас иганы.
Бжьаратәла ареспубликахь лаҵарамзатәи атурқәа ҩыџьа рзы 64 нызқь мааҭ иаԥсоуп. Убри аан Аԥсныҟа атурқәа рыхәқәа шықәсык ала ирызҳаит 33,3% рыла.
Шықәсык ала абжьаратә хәԥсақәа еиҳа имаҷны рыхә иацлеит урыстәылатәи акурортқәа рҿы - 15,2%.
Убас, бжьаратәла мшаԥы 29 - лаҵара 8 рҟынӡа урыстәылатәи акурортқәа рҿы аԥсшьара бжьаратәла 53 нызқь мааҭ иаԥсоуп ҩыџьа рзы.
Аԥсны
Пицунда лаҵарамзазы иалыркаауа аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа жәаба ирыҵанакит
Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа адыррақәа рыла, Урыстәыла лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан аԥсшьаразы иалыркааит Шәача, Казань, Санкт-Петербург, Геленџьик, Москватәи аобласт, Кавказтәи аминералтә ӡқәа, Калининград, Карелиа.
"1001 тур" адыррақәа рыла, зегь реиҳа рыхә иацлеит Египет аԥсшьарақәа - 88,9% шықәсык ала, Еиду Арабтә Емиратқәа (ЕАЕ) – 53,3% рыла, Сеишелқәа – 40,8% рыла.
Египети Ҭырқәтәылеи рахь атурқәа рыхә 170 нызқь мааҭ иҟоуп, ЕАЕ – 230 нызқь мааҭ, Мальдивқәа рахь – 472 нызқь мааҭ, Сеишелы – 521 нызқь мааҭ.