Аԥсны

Гагра ауааԥсыра ӡрыжәтәла еиқәыршәоуп

Гагра ақалақь ауааԥсыра ӡрыжәтәда иаанхеит аӡхагалагатә станциақәа "Реԥрыуа-1", "Реԥрыуа-2" рахь инагаз авольтҳарак цәаҳәа иаиуз аԥхасҭа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Гагра ауааԥсыра аӡрыжәтә рыҭара шьақәыргылоуп ҳәа Spurnik акорреспондент изеиҭарҳәеит ақалақь агәы анхацәа.

"Акурорт Гагра" асоциалтә даҟьаҿы иазгәаҭоуп ақалақь ауааԥсыра ӡрыжәтәда иаанхеит мшаԥы 20 рзы, аӡхагалагатә станциақәа "Реԥрыуа-1", "Реԥрыуа-2" рахь инагаз авольтҳарак цәаҳәа иаиуз аԥхасҭа иахҟьаны ҳәа.

Гагратәи "Аӡыканал" мшаԥы 21 ахәылбыҽха ақалақь ауааԥсыра аӡыржәтә роуеит ҳәа иақәдыргәыӷит. Аҟазауаа аусурақәа рымҩаԥгаразы ауадаҩрақәа рызцәырҵит, еиԥҟьаз афымцацәаҳәақәа адгьыл иҵан азы.
Ари ажәабжь анҭыҵуаз аамҭазы аҭыԥантәи "Аӡыканал" имҩаԥыргаз аусурақәа еиҳа инарҭбааны реилкаара залмыршахеит.