Аԥсны

Москватәи акапелла Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аҟәа имҩаԥгахо аконцерт иалахәхоит

Аконцерт мҩаԥгахоит Аԥсны акультура аминистрреи Москва ақалақь акультура Адепартаменти русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз аконцерт мҩаԥгахоит лаҵара 6 рзы аҳәынҭкарратә филармониаҟны. Абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра апресс -маҵзура.
Аконцерт иалахәуп Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла, Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла.
Аконцерт аҟны инагӡахоит еицырдыруа аҳәаанырцәтәи амузыкеи, асоветтәи аԥсуеи композиторцәа раԥҵамҭақәеи, иара убас аибашьра ашықәсқәа рзы иаԥҵаз ашәақәеи.
Шықәсык уажәаԥхьа Аиааира Ду аҳаҭыраз Москватәи Аҳәынҭқарратә капеллеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри аконцерт еицымҩаԥыргеит.
Аԥсны
Аконцертқәеи аспорттә уснагӡатәқәеи: Аҟәа Аиааира амш шазгәарҭо
Атәыла ахада Иусԥҟала Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла анапхгаҩы Анатоли Судаков "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан.