Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Касланӡиа Апедагогикатә институт алагала атәы

Апедагогикатә институт 90 шықәса ахыҵреи абиԥарақәа реиҵааӡара аус аҟны уи алагалеи дырзааҭгылеит апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аинститут аушьҭымҭа Алықьса Касланӡиа.
Sputnik
Ҳазҭоу ашықәс азы иазгәарҭоит Апедагогикатә институт 90 шықәса ахыҵра. Ҳтәылаҿы еицырдыруа аҵарауааи, апоетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи аузыжьыз Аԥсны раԥхьатәи иреиҳау аҵараиурҭа алагала дууп аҵарааӡара аус аҟнеиԥш, аҳәынҭқарра анаҩстәи аԥеиԥш зырҿиоз ауаа рааӡара аҟынгьы. Аинститут аҭоурых, алагала, иахьатәи аусура дрылацәажәеит апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Апедагогикатә институт аушьҭымҭа Алықьса Касланӡиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.