Аԥсны

Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла ԥшьҩык аҿкчымазара рыдырбалеит

Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 азы атестқәа арҭеит 85-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла 4-ҩык аҿкчымазара рыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп хҩык ачымазцәа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭала, мшаԥы 26 инаркны аҿкчымазара алацәаразы адыррақәа ркьыԥхьлоит мҽышала.
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 608-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 52 922-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 683-ҩык.