Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҿагыларатә система ҿыц С-500 хыԥхьаӡара рацәала аҭыжьра иалагеит

Азенит-ракетатә система ҿыц урыстәылатәи ар ахархәарахь ироуеит атәылахьчаратә министрра аҿаҵа аамҭа инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аҳауаҿагыларатә (ПВО) ПРО асистема ҿыц С-500 ("Прометей") хыԥхьаӡара рацәала аҭыжьра иалагеит ҳәа иҳәеит анаплакы-аусадулаҩ – аҳауа-космостә хьчара аилахәыра "Алмаз-Антей" адиректор хада Иан Новиков ажурнал "Национальная оборона" аинтервиу аҭо.

"Иахьазы еиҿкаауп асистема С-500 аҭыжьра аҵыхәтәантәи аҭҵаарадырратәи атехникатәи лшамҭақәа ахы иархәаны. Асистема ҿыц амчхара уаанӡа иҭрыжьхьоу ЗРС-и ЗРК-и (азенит-ракетатә системақәеи акомплексқәеи - аред.) ираԥнагоит. С-500 иалшоит Урыстәыла аҳаир-космостә мчрақәа иргәыцәны иҟалар. Ахархәарахь инашьҭхоит иазԥхьагәаҭоу аамҭа инақәыршәаны", - иҳәеит иара.

С-500 "Прометей" (ОКР "Триумфатор-М") иҿыцу аракетатә системақәа "адгьыл-аҳауа" ирыҵанакуеит, иуниверсалтәу комплексуп. "Прометей" 600 километра иахьаҵанакуа ааха анаҭоит.