Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аракетақәа Украина аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит

Аоперациа ҷыда иалахәу урыстәылатәи ари Донецки Лугански ареспубликақәа рыри Украина арратә техникеи аинфраструктуреи ықәырхуеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Мшаԥы 25 - 26 ауха Урыстәылатәи аракетақәа Украина, Харковтәи аобласт аҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Уахык иалагӡаны Урыстәыла АКМ Украина арратә ргыларақәа ԥшьба ааха рырҭеит. Арахь иаҵанакуеит аруааи арратә техникеи ргылараҭқәа ҩба, Харковтәи аобласт аиланхарҭақәа Курулькеи Новаиа Дмитровкеи рҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩбеи ", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа иазгәанаҭоит аҽа 87 украинатә арратә хыбрақәа ааха шрырҭаз аоператив-тактикатә авиациа. Урҭ рҟынтәи 79– аӷа ири ирратә техникеи иргыларҭоуп.
Зынӡа иҭархан 500-ҩык Украина аруаа, 59 ак акәылӡтехника, артиллериатә шьақәгылақәа, автомашьынақәа, иара убасгьы аиланхарҭа Рубцы иахьаҵанакуа иҭархан 60-ҩык амилаҭеилыхтә еиҿкаара "Донбасс" аруаа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҳауаҿагыларатә система ҿыц С-500 хыԥхьаӡара рацәала аҭыжьра иалагеит
Иҭархан ЗРК "Бук-М1", "Оса АКМ", аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба.
Уахык ала аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит 37 напхгараҭаратә ҭыԥ, 114 хырӷәӷәарҭа, 983 ари атехникеи ргыларҭа, 139 артиллериа агыларҭа ҭыԥ, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 21.
Барвенково иахьаҵанакуаз иҭархан украинатәи азенит-ракетатә комплексқәа С-300 ҩба, атактикатә ракета "Точка-У", арадиоелектронтә ҿагылара астанциа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа "Азовсталь" азааигәара аибашьра ааныркылоит
ПВО ахархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 13, "Точка-У" аракетақәа ҩба –Токмаки (Запорожье), Сватовои (Харковтәи аобласт) иахьрыҵаркуа.
Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Урыстәылатәи ар украина абџьархыхреи Донбасс ауааԥсыра киевтә режим рацәыхьчарие рзы рнапынҵақәа нарыгӡоит.