Аԥсны

Аминистрцәа Реилазаараҿ аенергетикатә усхк иалацәажәеит

Аԥыза-министр имҩаԥигаз аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Беслан Џьопуа, Владимир Делба, Кристина Озган, Сергеи Пустовалов, иара убас атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб ихаҭыԥуааи иареи иалацәажәеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә усхк аҭагылазаашьа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Аилацәажәараҿы ирзааҭгылан Аԥсны афымцамч ахархәара аларҟәреи аамҭа-аамҭала алашара арцәареи рызҵаарақәа.

Иара убасгьы азхьаԥшра аҭан асасааирҭақәа, асанаториақәа, егьырҭ акурорт аусхк хыбрақәа рхы иадырхәо афымцамч ахәԥса ршәара. Ари ауадаҩра аӡбареи ауалқәа реиқәылара алмыршареи атуризм аминистрра анапы ианҵан.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара ахархәараҿы аилагарақәа аарԥшуп
Аенергетика асектор ауадаҩрақәа рыдагьы аилацәажәара алахәылацәа Урыстәыла Афедералтә аԥараҵәахра агәаҭарақәа рышьҭахь иҟаҵаз анапынҵақәа ирзааҭгылеит. Аилагарақәа урыстәылатәи афинанстә цхыраара ииашамкәа ахархәара, аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа ииашамкәа аулафахәы рыҭареи урҭ рыбжьара ахыԥхьаӡара иацны аҟазаареи ирыдҳәалан.