Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара ахархәараҿы аилагарақәа аарԥшуп

© Sputnik Кабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015 шықәса раахыс абиуџьет аусхк аҟны хаз иго категориақәак рулафахәы ацҵара аус мҩаԥысуеит.
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара 2019-2021 шықәсқәа рзы иазоужьыз аԥара ахархәашьа агәаҭараан аилагарақәа аарԥшын, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Афедералтә казначеира имҩаԥнагаз аҭҵаара алҵшәақәа рылацәажәаразы аԥыза-министр Александр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуеи, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустоваловы алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Иаарԥшыз аилагарақәа иреиуоуп аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәеи аҟазауааи – змаҵура хаз игоу акатегориақәа иаҵанамкуа иахәҭам аулафахәы рызшәара, иара убасгьы амедусҳәарҭақәа русзуҩцәа, урҭ иааныркыло аҭыԥқәа азакәанԥҵара иазгәанаҭо аџьатә норма еиҳауп.

Уи адагьы агәаҭараан ишьақәыргылан аҳәынҭқарратә усбарҭақәак рҿы аусзуцәа рсиабжьаратә хыԥхьаӡара еиҳаны ишарбаз. Аусзуцәа ииашамкәа рхыԥхьаӡара арбара мзызны иамоу абиуџьеттә еиҿкаарақәа рҿы аӡәырҩы аусурақәа реидыбалара иахҟьоит.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит, аӡәы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иааникыло амаҵзурақәа аулафахәы ииашамкәа ашәара адагьы аҿар аусурҭа ҭыԥқәа роура ишаԥырхаго. Ари аҭагылазаашьа иахҟьаны аҿар рҵара ашьҭахь рыԥсадгьыл ахь ихынҳәӡом.
Анқәаб аилацәажәара хыркәшо ихаҭыԥуаа ирыдиҵеит хәажәкырамза нҵәаанӡа иҟоу аилагарақәа рҭыԥ иқәырҵарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0