Аԥсны

2021 шықәсазы 300 инареиҳаны аҭаацәарақәа ахшара рацәа змоу ирхыԥхьаӡалахеит

Аԥсны адемографиа аизырҳаразы 2021 шықәсазы ирыдкылан ахықәкытә ҳәынҭқарратә программа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара ирыдыркылеит аусбарҭабжьаратә хықәкытә программа "Адемографиа аҿиара" 2021 шықәсазтәи аусураз аҳасабырба.
Адемографиатә политикеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Руслан Аџьба иҳәеит адемографиатә программа абиуџьет50 миллион мааҭ шазԥхьагәаҭаз, 2021 шықәсазы ишазоужьыз 42 миллион.

Зынӡа 420 рзаҳал рыдкылан. Ҩба мап рыцәкын. 317 ҭаацәара рҿы ахԥатәи ахшара диит, 67 ҭаацәара рҿы – аԥшьбатәи, 24 ҭаацәара рҿы - ахәбатәи, 7 ҭаацәарак рҿы – афбатәи, 5 ҭаацәарак рҿы – афбатәи.

Аусбарҭабжьаратә хықәкытә программа "Адемографиа аҿиара" иазԥхьагәанаҭоит 100-100 нызқьмааҭ ахԥатәи ахәыҷи уи ишьҭанеиуеи зауз аҭаацәарақәа рызшәара. Апрограммаз аҭакԥхықәра рыдуп иҷыдоу акомиссиа.