Аԥсны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа уаанӡатәи аусуратә режим иазыхынҳәуеит

COVID-19 апандемиа ианалага инаркны ҩышықәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хада Аԥсны аковид госпиталь хада ароль нанагӡон. Иҟан ара аамҭак ала 150 пациент коронавирус рыманы ианырхәышәтәуаз.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа уаанӡатәи аусуратә режим иазыхынҳәуеит иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аиҳабыра реилатәараҟны.
Быҭәба инарҭбааны иахьазы атәылаҿ иҟоу аепидемҭагылазаашьа далацәажәеит, иазгәеиҭеит Очамчыра, Тҟәарчал, Гагра араионтә хәшәтәырҭақәа рковид ҟәшақәеи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи шарку.
"Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аинфекциатә ҟәшаҿы иааныжьуп апациентцәа рзы аиарақәа. Егьыс ахәшәтәырҭа арзҩыдара иахыжьны аусура иазыхынҳәуеит", - иҳәеит иара.
Иахьазы аковид госпиталь аҿы хәҩык апациентцәа аанхеит иҳәеит аминистр.
"Иахьазы атәылаҿ ичмазаҩу хәҩык ыҟоуп. Аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҳҭоит. ПЦР-тестқәа ахьарҭаша аҭыԥқәа аартуп макьана", - иҳәеит Быҭәба.
Алаҵаҟаҵара акәзар, акыр иԥсыҽны имҩаԥысуеит, ареспубликаҿ алаҵа шыҟоугьы иҳәеит аминистр.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, акоронавирус аҟынтәи 20 000-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит.
Аԥсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иацҵазарц аҳәамҭа ҟарҵеит