Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иацҵазарц аҳәамҭа ҟарҵеит

© Sputnik / Наталья Горшкова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКрупный центр вакцинации от COVID-19 открылся в Тюмени
Крупный центр вакцинации от COVID-19 открылся в Тюмени - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи алаҵақәа "Спутник V", "Спутник Лайт" рыла Аԥсны алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит лаҵара 2021 шықәса раахыс. Уажәааигәа агәабзиарахьчара аминистрра алшара шааҟалалак еиԥш COVID-19 хызҽуа аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа шаанахәо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Аԥсны COVID-19 аиқәтәара иахьмырԥшкәа атәылауаа рлаҵаҟаҵаратә уснагӡатәқәа нагӡалатәуп, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа шьаҭас иганы.
"COVID-19 џьаргьы имцеит, аҽгәаҭара иаҟәыҵыр ҟалаӡом. Алаҵаҟаҵара иацҵатәуп", - лҳәеит Скорик.
Клинические испытания назальной вакцины от COVID-19 Спутник - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2022
Аԥсны
Аԥсны аԥынҵа иҭарҭәо акоронавирус аҟынтә алаҵа аанахәарц агәы иҭоуп
Уи аԥхьа асанитар ҳақьым хада илҳәахьан, раԥхьа иргыланы иуашәшәыроу агәыԥ иаҵанакуа ауаа алаҵаҟаҵара иахысроуп ҳәа, уи аан иазгәалҭеит аепидҭагылазаашьа аҽеиҭанакыр шалшогьы.
Аԥсны апандемиа ҵысижьҭеи алаҵа ҟарҵахьеит 19 055-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә - 10 625-ҩык алаҵа ҟарҵеит ҩ-лаҵак рыла ишьақәгылоу "Спутник V". 8 430-ҩык "Спутник Лайт" еиҳа еиӷьаршьеит.
Алаҵа еиҳараҩык иҟарҵеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра - быжь-нызқьҩык ыҟоуп.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны аҿкчымазара аиқәтәара азгәаҭоуп. Уи ҳасаб азуны Аоперативтә штаб араионтә хәшәтәырҭақәеи Аҟәеи рҟны аковид ҟәшақәа аркызарц аӡбамҭа аднакылеит. Аҿкы зыдбалоу ачымазцәа аднакылалоит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь.
Ажәабжьқәа зегьы
0