Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

УАМ ракетала Херсон ражәлара арратә цәгьоуроуп ҳәа ахырҳәааит Урыстәыла

Украина абџьархыхразы арратә операциа амҩаԥысраан Херсон ақалақь урыстәылатәи ар рнапахьы иааргеит хәажәкырамза алагамҭаз, амза анҵәамҭаз – аобласт зегьы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. УАМ ракетала Херсон ражәлара арратә цәгьоуроуп ҳәа ахырҳәааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит ашьыжьтә брифинг аҿы аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Мшаԥы 27 асааҭ 23:00 рзы украинатәи аррамаҵзурауаа абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" алеи ареактивтә хеиҵаҵақәеи рыла аракетатә жәылара мҩаԥыргеит Херсон ақалақь агәы иақәкны. Урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә ракетатә жәылара аԥдырҟәҟәааит.

"Киевтәи арежим аракетатә жәылара еилыхрада Изиуми Херсони ақалақьқәа ауаа реиланхарҭақәа ирықәкын. Ари жәларбжьаратәи агуманитартә зин ала еилагара дуны иԥхьаӡоуп", - иҳәеит Конашенков.

Иара иазгәеиҭеит аракетатә жәыларақәа ауаа ахьынхо, ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, асоциалтә хыбрақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа ишырзырхаз.
Аусбарҭа ахаҭарнак иҳәеит иаха Херсон ажәҩан аҿы ишҭархаз ареактивтә система ахеиҵаҵақәа жәаҩа, украинатәи абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" – ҩба. Урҭ руак ахәҭақәа ақалақь апарк аҿы икаҳаит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина, Херсонтәи аобласт лаҵара 1 инаркны амааҭ ахь ииасуеит